text
stringlengths 0
400
|
---|
Ҳаргьы ҳрызцоит анемец-фашисттә мҵарсҩцәа рҟнытә рхы иақәиҭхеижьҭеи ҩажәа шықәсхыҵра азгәазҭауа ареспубликақәа. |
Уа уаҩы даҳԥырхагахом, дымццакӡакәа уахь дныҩналеит. |
Акәыба дҭоуп саб. |
Дад Мзауҷ, ҳгәаҟрақәа зегьы аныԥшыртә еиԥш, иаҳзызыҩуада ашәҟәы? |
Схәы-сжьы қақаӡа иҩеилагылт. |
Суҳәоит усыламкьысын! |
Аӡәы ауаҩагара иман, ԥҳәыс дааимгаӡакәа иҽиражәт. |
Мшәылди Гәаџьуеи, нас даҽа аӡәык-ҩыџьаки уеишәа иахауртәар, аишәа иқәуҵазгьы рфоит, уеишәа ахаҭагьы рфоит. |
Аҷыӡ ду ҳәа ицәажәоит, амаӡа шәаргьы амоуп иҳәан, иаахиркәшеит Ҷкәы Осман ҭхьынатәикгьы. |
Акызаҵәык уа алахь еимарџахә, ахара ишыԥшыц иԥшуан Ерцахә. |
Махаз Ҵәыӡы иԥшәмеи иареи автобус иазԥшны игылан. |
Амала, иаб ишьҭахь дук мырҵыкәа даачмазаҩхан, иԥсҭазаара далҵит. |
Урҭ акасыжәқәа аԥса аԥынҵала инаирҳәы-ааирҳәуеит, ракәу, ракәму еилиргошәа. |
Дынкылԥшуеит дԥышәарччо, лыбла қаруақәа гәырӷьарак рыҵахәмаруа. |
Аиеи, мшәан, иӡбахә зҳәо зегьы ус ауп ихьӡ шыршьо, амала, ахаҵараҟны усҵәҟьа ихәыдоу аӡәы иакәӡам иара. |
Сара сыԥсы ааиҭаскуеит, — иҳәан дахьгылаз иуапа нкаршәны днықәиеит. |
Ҳара уи аҭыжьра даара ҳазыԥшын, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Мушьни Лашәриа. |
Апаран ауаа нақәтәан аӡы агәҭа ианнеиуа иааҳәуеит. |
Ашәахьа ашьыжь шәааиуеит. |
Абас еиҭаҳәаны, еихаҳауа ишаауаз, ҵхыбжьонк, ԥша-цәгьак аиаша ҵызшәаауаз, Ҷанба иуада илыҩнасын, цәгьала иҩнаԥшит, инапҩырақәа арҩынтит, исаркьа ԥнаҽит. |
Лара дшыхәыҷӡаз бзиа илбаз лабацәа рытрадициа деиҷаҳаны иныҟәылгоит. |
Урҭ адунеи ақәзаара ргәы ахшәаны иҟоуп излазбо ала. |
Акрумфар, умч даара икәадоуп, ушьапы уаҳзықәыргылом хәшәла мацара, аҳақьым ииҳәац иҳәон, дицәнымхо акәӡамызт изидицалоз, хымш рыла ишьапы дықәшәыргылароуп ҳәа Ԥачулиа иҟынтәи имаз адҵа акәын инаигӡоз. |
Аҭыԥ иабаз аԥсы алахан, ам-ҵәыжәҩақәа накәаԥсаны, хланҵы инҭалан, ашьшьыҳәа ҵаҟа инатәеит. |
Ааи, аԥырӷы ҭарыԥсааит, иҭгашазеи! |
Иҟалап ус акәзаргьы |
Садтәалан саԥхьаҟа сыцәа ԥызҽыз, сыздызхалаз ашәҟәы ишԥасгәаламшәои иахьӡыз! |
Абзиа уур аӡәгьы ихашҭӡом! |
Ааигәантәи, харантәи ауаа изаалон алуқәа рыҟаҵаразы. |
Аԥсцәаҳа ацара аҽаазнакит. |
Ҳаизыҭрысуа акәымкәа, ҳаҟазароуп џьарак. |
Лара аҭакәажә лхапыц хыц-ҩыцқәагьы анкаԥса инаркны, уи афара даҟәыҵижьҭеи акыр ҵуан, аха, зегь акоуп, лмаҭацәеи лҭацеи ианырфоз дгәырӷьон. |
Уаҟәыҵ, уанаџьалбеит, аҭаҳмада иаџьал аанӡа дызху шьаауазеи |
Иубо зегьы угәы иаурсыр ҟалома. |
Дышқәыԥшӡаз иани иаби иԥхеит. |
Дыди-мацәыси ирыӡрыжәхьоу сышьхақәа, рыԥсы иахдырзаӡом ахрақәа рҭоуба. |
Иаԥхьаҵәҟьа инеиртә еиԥш, ирманшәаланы ашаха ноуишьҭит. |
Миха Хышбеи Чагә Алшәындбеи, анхацәа ирылагьежьны, афатә еизыргон. |
Аниҳәа, ицәажәара ааҿахҵәеит. |
Сергеи Платон-иԥа аӡәгьы игәы анырхара шиҭахымыз шиныԥшуазгьы, иажәа маҷк иџьбарахеит. |
Иаҳа дацраланы. |
Аа, абааԥсы, нырцә итәоу, аарцә итәоу иҿшьы, аарцә итәоу, нырцә итәоу иҿшьы, ҳәа аӡәы иҳәан иҳәеит, иара изҳәаз дындәылҵны дцеит, дахца аллаҳ идырп. |
Абаа сумырԥхашьан, сыԥҳа дусҭоит, — иҳәеит, аҳ, аҳ иԥҳа дииҭан, диманы дааит. |
Даацәажәеит уажәы аԥа. |
Данеиларҳәа ашьҭахь днаганы иԥаҵа рсеит. |
Ақыҭан зыбз иафақәоз, илзырҳәозгьы рыламыс иамаз! |
Қарҭ ирдыруазаарын уи ахҭыс шыҟалаз, аха аӡәгьы игәаӷьны иаахтны изҳәомызт. |
Аха уажәы ллакыҵа ччаԥшьк ыҵшәом. |
Закә ҵхы мыждоу илхылгаз анылдыр убасҟан ауп. |
Сара исылшом ара саангыларц, амҩа сымоуп наҟ хара. |
Ари алӡынрак урҭ зегьы акыр рҽырԥсахит. |
Уи имацара иоума, иахьа зегьы иаарҭаххалак ҟарҵоит. |
Мыцла еиқәдырҽаҽаз рымҩаԥгара иазықәԥо, иҟам-ианым рхы иархәаны, есиҟалалакгьы аҳәаа ихыҵны рҽаларгалеит, аҭакԥхықәраҿы аус зуаз шьоукы ӷьычны абрахь иаларгалазшәа, урҭ рхы иақәиҭыртәырц иашьҭоушәа, аҽыҵгақәа ҵәыҵыԥшааны |
Дгәырӷьаҵәа дыҟан Асида уахатәи аҿахәҿыхра дахьацәынхаз. |
Ачҳара ауп иаҭаху араҟа, ачҳара |
Аԥсуа кәасқьа, амаҵурҭа, аца, абоура, шьац иаҵәала ӡынгьы-ԥхынгьы ихҟьоу, быбыц зқәыршәым ашҭа. |
Аха дымцаргьы ҟаломызт. |
Сананыскьабгоз былаӷырӡқәа аахаҟәҟәалеит, сгәы ҭырблаауеит сназхәыцыр. |
Исыгхаз саҭаумҵан, абга рынцәахәы! |
Абас, уара зҿумҭуазеи? |
Иақәгәыӷит ирнаҭоит ҳәа зқьышықәсала аԥсуаа ззықәԥоз амилаҭтә хьыԥшымра. |
Абас ауп сышҟоу акәымзар, уалсбагьы зугсырхозыз, аха уаҳа ԥсыхәа сымам шьҭа |
Сухәаԥшуа сҿаасхап |
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла апрезидиум аилатәара аҿы анаԥхгараҭара алахәылацәа еицҿакны Зураб Аргәыни Заира Ҵәыџьбеи Аԥсны ажурналистцәа Реидгылара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩцәас иалырхит. |
Егьаурым, иуиааиуа иаанда уалеишышуеит! |
Дара ахықә иқәгыланы илеиуан. |
Икьыркьыруеит аҽқәа |
Нас ҵаҟа днышьҭаԥшит. |
Сиҳәоит сара исыгу. |
Унаскьа, рыцҳашьарала згәы ҭәым! |
Амузыка ахьыҟам акгьы иаԥсам |
Убырҭ роуп араҟа аангылара знаало ахьымӡӷыдақәа. |
Ажәҩангьы ҳара иаҳзыҳарамын. |
Ус ҟасымҵар акәын ааигәахәит иара, аха иҟаиҵашаз ҟаиҵахьан, уи шьҭа уаҳа аарҳәышьа амамызт. |
Аҭаҭын уахон |
Уи сыхәмаршәа исҳәеит. |
Уи даналга дыҭрысны леиԥка аҳәынҵәра ԥыртлани ҵаҟа данаха мчыла илыхҳәаны данлыгәҭас ихьамҭара даманы адиуан днықәҳаит. |
Тата инҵәоз атауар ааганы иқәылҵон, лҭаца дааилахаҵәҟьар длыцхраауан. |
Адик сиса-иԥа, Зурик Константин-иԥа, Мурҭаз Қәаса-иԥа, Ҭыма қәаса-иԥа, Маврик Панџьа-иԥа, Гәырам Иликәа-иԥа, Нодар Гәыӡбеи-иԥа, сара сналаҵаны Кәыҵниаа, Катата Сикәа-иԥа, мераб Сикәа-иԥа, Рома Вова-иԥа Џьынџьалаа, Илиуша Кәышәиԥа Џьопуа, Бесалҭан Даҭикәа-иԥа Сангәлиа. |
Уи, анцәа ду имҭаны, иҳәахьала иааит, иага ихьшәахазаргьы ауадаҩрақәа ахнагазаргьы апоет иабацәа, иабдуцәа зызхьуаз аиҭанеиааира, аибабара аамҭа |
Уи лан ажәгәарахь лҿыналхеит. |
Ари иԥсадоу ажәеинраалоуп, убри аҟнытә аизгаҿы аҭыԥ амоур акәын. |
Иаԥсам ацәыҵараҿ аҟәынд-ҟәындра. |
Аслан иахь дхьамԥшӡакәа, аҭак ҟалҵеит. |
Уимоу, Нарҭ данижьагьы, илычҳаит, адәахьы илынлырԥшуа аӡәы имбеит, илеижьаз раԥхьатәи абзиабара, ацәаҭагӡара шуадаҩызгьы, даиааит. |
Сызбаз уи сахырбааит, ишызбахьоу рхашҭу ааӡаб. |
Анхаҩы иҩны ихтны иҟоуп акрыфарҭа анхацәа рзы, ихтраны иҟоуп дара рзы абанагьы. |
Аҩызцәа уҭахӡами? |
Уҩагыл, аԥааимбар, уааԥшла, уӡырҩла, ухы мҩаԥга шьҭа сҿаҳәатәала |
Аха сахалап, сеиҭахалап. |
Баӡ дхысит. |
Дҿыхаанӡа ашыла шәҷыҷы, данааԥшлак уи ала дшәырча! |
Урҭ рфырхацәа рхәыцшьала, рыламыс абзиарақәа ахьаҳдырбо ала, аԥсуаа ирзааигәоу ҩымҭаны, еигәырӷьаны изыԥхьо акы акәны иҟалеит. |
Аха уажәы аԥхьаҩ идигалаз амонографиа, ҳәарас иаҭахузеи, уаанӡатәиқәа зегьы ирыцкуп хаҭабзиаралагьы, шәагалагьы иреиҳауп. |
Ҳара ҳхәыҷқәамзи, ианаҳба ҳаигәырӷьеит даара. |
Ишнеиуаз иақәшәеит аӡәы иԥсырҭа |
Ауха Маикоп бзиа ҳналсуаны, автоинспектор дҳахьӡаны, аршәаа дасуа ҳааникылеит. |
Шьыбжьон ԥшь-сааҭк рзы акәын. |
Ажәытәан ишырҳәоз еиԥш |
Уи ахьҳалымшаз ӷәӷәала иаҳныԥшит. |