text
stringlengths
1
1k
Адәы аҵыхәан са сыԥшын, ашәҭ амҵәыжәҩақәа ҟаԥшьын.
Данца, еиҭах сымацара амҩа сананхала, акыр анҵоуп схаҿы ианааи ауаҩага ҳәа шсеиҳәаз.
Ишьҭылхыз аҵәа ахьаалгаз абжа лара илфеит, егьи абжа лхаҵа аҳ иҿалҵеит.
Ҳаргьы иҳамоуп иԥшьоу аҭыԥқәеи урҭ ирхылаԥшуа аныхақәеи
Иҟалаз уи ауп, ныҳәак аҽны ҽырбашақә дахьына-иааиуаз ицәа азна аҩы имхажәын, дхынҳәны данаауаз ккарак аҿы дылҽыжәҩрын дкаҳаит, ҵаҟа деизҟьа дахькажьыз ԥсык деиҵыхны дкажьызшәа алаԥшҵашәара иоун, аҳи, ҳи ҳәа ихы даасуа аҵәуараа далагеит.
Адырҩаҽны Константинополь аџьармыкьаҿы днықәыргыланы тәык иаҳасабала дырҭиит.
Ҩаԥхьа шәара шәыла, сыԥсымҭаз, сгәаҵан аҵааршә ӡыҭыроуп.
Уажәраанӡа уи ашәаԥыџьаԥ ирылԥхаауазҭгьы, уажәы зегьы иреиԥшхоит, изларылукаауа акы иалаҟазамкәа.
Анысҳәа, руаӡәк иаб аҩы данашьы иԥҳәыс дишьырцгьы даахьеит иҳәахит.
2005 шықәса - азеиԥш профиль астоматолог, аҳәынҭқарратә сертификат, Қарҭ, Қырҭтәыла
Жәытәнатә аахыс урҭ араҟа мҩахыҵырҭас ирымоуп.
Ҳаи, абаа, ԥсеивгашьак сышәҭа, макьана сҟалароуп.
Шьала, дала, гәыла, ԥсыла, сгәы зыдҳәалоу бара боуми, Аха ишԥазуеи, бара иббомеи.
Авариа ашьҭахь шәыҷкәын Иараҭ дыхәны дааргеит.
Иажәа данбалагари ҳәа иԥшыз Аҭласҟангьы ибжьы иргомызт.
Диман аԥҳәыс, нас уи илыхшаз ҷкәына хәыҷык.
Уи салаӡсо салагылан, адунеи ду сара истәын.
Ашьхыҵә гәырӷьо ашәҭ ианацла, ашәҭ абӷьыцқәа канаԥсоит.
Аԥхьан уцәоуп ҳәа ансарҳәа, арахь схамлакәа сцеит, бзиала уаабеит!
Ишԥасҭаху, иауеи, даҽа знык ушҟа снеир, уахи-ҽни ҳааицрымшәаӡо ҳаицызарц, аха рыцҳарас иҟалаз ҳаицәыхароуп уареи сареи.
Ленин иԥсра ԥсыхәа змамыз аԥсра, имч анамырха, аколонна азалаҿ дыкҿарҵеит хәаха-хәымш.
Феодоси ҽырххыла уажәы-уажәы алада дцан даауан, иига-ааигоз уаҩы издыруамызт.
Акомиссиатә ахьӡын, аха уи аргамаду бжьахәаахәҭратә дәқьанын.
Уантә иҩаҵҟьеит еивасны Алақәа ҵәааны, Абар, арбаӷь мҵарсны Ицоит абгахәыҷы.
Дара адҵа ҟазҵо, ана Гәдауҭа итәоуп, ҳара ара аӡхышхыҵәа ҳадыргарц иаҿуп.
Абас ахысрақәа ианырҿыз аамҭазы Аҭара инхо хаҵеи ԥҳәыси
Адырҩаҽны Череп ахӷьаш ари ақыҭан деиҭанаа, дазусҭзаалак аӡә диԥымлеит, гәашәк уаҩы изааимыртит, шҭак дҭармыжьлеит.
Иара уи аначалник ожәшьҭа дук мырҵыкәа даалар ҟалап.
Гәырҩас, хьаас иҟоумҵан шәыжәлазаҵәыкуп ахьысҳәаз, – иҳәеит Басиаҭ, маҷк сылахь шеиқәнаҵаз гәеиҭазар акәхап.
Абӷьы шкәакәа уаҩ иимбоз быӷькаԥсан, сара избарц илаша-лашон иахькаԥсаз.
Смадаӷь-мадашәо хыхь сыҩхалеит, аха имааит зынӡаскгьы урҭ рыгәқәа.
Уара уакәымзи, мшәан, Ҳаџьы Бырзықь бзиахә ҳаԥхьа дангылаз аахысгьы ҳажәлар аибашьра иадызцалоз.
Анахь, инаҩсҟа, алаҟәрахь, Абахә цәыггақәа ирбжьаркыз, Асхыс-ҵааршәра наҟәура Амзеи алашьцареи еимаркуан.
Ишсыхьыз, изакә мчымхароу исзызуз басҳәеит ҳәа акыр иаԥсоума.
Абырзенцәа разҟыс ирымаз, аԥсуаа хазы-хазы иахьыҟаз ауп, мамзар, абшьҭрақәа зегьы рҽааидыркылар, уаҩы дрыхәартә иҟаломызт.
Аублаатәыла саақәҵижьҭеигьы, сахьнеилак уаҩ дызқәымшәац акәын исзыԥшыз.
Агәнаҳара ҟазҵаз бара бакәушәа, бхаҵа имацқарра бхахьы ибымган.
Аха убас иагьа иҟазаргьы, Ҳбызшәа азеиҩымшеит, ҳабжьқәа еиқәнаргеит, ҳагәҭыхақәа еиқәымшәои, изҳәада еивҟьеит?!
Ҳныха ада ҳҿызхуа даҽак збом, дадраа, ижәдыруаз!
Рхала рхы рзымыхьчо, иаазгәыҵаҳәҳәаны иааздызкылашаз, иаархылаԥшышаз аӡәгьы дрымаӡамкәа рыԥсадгьыл аҳҭны қалақь аҟны итәымх, рхыхьчаразы мчык рымамкәа
Сааҭгылоит ус, сааин саатәоит ашьшьыҳәа, арҭ схәыцрақәа сдыркаран, сеилышша.
Аԥсҳацәа рҭоурых салацәажәоит ҳәа зҽазызкуагьы зегьраԥхьа иргылан дзықәныҟәаша уи адокумент ауп.
Зыԥсы ҭоу зыԥсы ҭоу роуп изышьҭоу.
Дара усгьы устәи акәын ианакәызаалак ихибаҳәа раарҭа, алазқәа рҿы рымчра рӷәӷәаны, ҳаргьы урҭ рнапаҵаҟа ҳаҟаҵара иашьҭан.
Сқьеԥарнагьы ихы иҭагьежьуаз, иихәыцуаз ауп иаҳауаз.
Ихьӡ ахьаху рычҳарын, аха дабаргои ихаҭа.
Шырԥазыла аҵар сыԥхьоит, ҳашҟа бааи ҳәа шәаҳәара.
Абра сгыланы Римма ҳәа ҿысҭуазма, – иҳәеит.
Ажәларқәа дырԥыло, Уа ашҭаҿ дахьгыло, Ҳаиварыԥхаа ҳнеины, Салам иаҳҭап Ленин!
Зегьы еизаанӡа изакәу сырба ҳәа иԥҳәыс Ҳанифа егьа диҳәазаргьы, амшаԥы ҳаԥшьа еиԥш, дахаԥхьарц игәы иҭазшәа, агәылацәа еизаанӡа, ихҩаны дадтәалан.
Аҩн ҿыцгьы ҳаргылоит, Баҭал ҿыц дахылоит иаб игәараҭа.
Ақәыџьмақәа ракәым, аха аҳәақәа роуп иҳақәлаз!
Амза кәымпыл амза ҭәымҭа сара исымоуп Анцәа имҭан.
Кәанач илабашьа иҽанҵаны такәаамҭагьы дизыԥшуан уи, иҟәыбҷарақәа дрызхәыцуа.
Аурыс Уасил Корольков аԥсуа милаҭ ҵасқәа, акәама-ҵамарақәа шизымдыруа, урҭ иара изы аартра ҿыцк иахьеиԥшу азгәаҭарамацара азхом ҳәа сыҟоуп иара имилҭ ҟазшьақәа иныԥшырц азы.
Ажәак-ҩажәак рыда лымҳәаӡаргьы, иага дыԥшӡазаргьы, дахьынӡагаӡоу еилыскаауеит, – иҳәон уи, дзызхьадырԥшырц ирҭахыз аҭыԥҳацәа рахь ихы анынкыдырҵалак.
Знык сара рыбзиабара сшадгылоз аниаҳа, схаҵкы камыршәуа, дсывагьежьуа, мышкы ҩынтә-хынтә аус ахьызуаз аклуб аҟны днеиуа далагеит.
Ахәы ҳаракыра иқәгылаз мандаратәи аҩнқәа рцәа иҭаӡыӡозшәа иҵысуан.
Анылҳәа, иацы бара бшьапы шьҭыхны изыбкыз еиԥш ибкызар, шәышықәсагьы ибызхоит, ҳәа леиҳәт.
Схыцәӡа, слываԥало саауан сара аҩныҟа ԥҳәыск.
Диит 1911 шықәса жәабранмза 22 рзы Џьгьарда ақыҭа. Иԥсҭазаара далҵиҭ 1976 шықәса ԥхынҷкәынмза 8 рзы.
Европа Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара (ОБСЕ) еиҿкаан нанҳәамза акы, 1975 шықәса рзы Финлиандиа, Хельсинки ақалақь аҟны, уи 35 ҳәынҭқарра рхадацәа алахәын уи аҽны рнапы аҵарҩит Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аилатәара Ахыркәшаратә акт.
Лиуксенбург лиуксенбург Германиагьы Франциагьы ирыдларцы аҭахым, хазы ахы иақәиҭны аҟазара иашьҭоуп.
Исыхьзеи, шәымбои, Бабаныкьа иика хиҵәеит, Бабасыкьа ила ҭихит, Уарбажә аҽхәыланарԥԥит, Лаҳәасса нибарҵәеит, Џьажә ыҵырҩрны Аӷдара илаҳаит, Аӷдара амца акит, Абгахәыҷы аҵыхәа хнаҵәеит, нас саргьы сыԥҳалқәа ԥыххаа инықәсҵеит.
Ицәҳәырахан, аршәаа ҳәа инықәсуеит аԥша, анкьа зны ибаҳчаз атәыла.
Избоит уажәгьы ауардын схысны ицазшәа, самшьит, аха усгьы исхысны ицеит!
Ацәаҟәеиԥш аамҭа схагылан аҽырхәан, иснарҳәарц аҭахымхоу уи суаз, сыршьит сара Гал, расамыжда анҿырхуаз, иқәҵны ицаз рыҽӡаны ианаауаз.
Иҟасҵагәышьоз, сара исхароуп, схы ԥҽтәуп сҳәеит.
Дышԥакаҳаи, дахькаҳаз абыкәу, машьынала ицаз ауаа ибаҩҷа рбарыма?
Амҩақәа шьҭыҵуа, иаҳа-иаҳа ихало, ԥшьаала сырхыган снаргоит ахәқәа.
Аха шәыххь згеит, цқьа инарҵауланы ишәыздырӡом иҵегьы иаҵанакқәо аԥсуара.
Афасара иасны цашьа амам, агәашә иара ҭарыжьлом.
Сыбла иамбаша сраҩган бнеихахуеит, исмаҳаша саҳаргьы бҭахыхым.
Сышьҭахьҟа, арахь, сшаанамгаша сназхәыцып, изӡом, уи сара маҷк сыхгьы еиланаго.
Урҭ зхи зыԥси ма-цара ирышьҭаз ракәын, урҭ рқьафқәа аныҟарҵалак, аԥсуаа, ажәҩан икыду амреи амзеи ирхьыԥшны, арахь иеиҭахынҳәра иҟоуп ҳәа, иагьарааны итәаны, ӡыла зырчра иаҿу ауалырқәа реиԥш, рыжәӡқәа арахь ирҿыкәкәо, амзеи амреи иреихс-хьан, икыдҳаршәоит ҳәа!
Ус сҳәеит ҳәа, издыруада, лкалҭ сахьадҿалымҳәалаз акәзаргьы ас сҟазҵаз!
Аринахысгьы зегьы шырыӡбаз ицауан уамак зҵазымкуаз хәыҷӡак дырхамышҭызгьы
Ажәабжь хәыҷык уҩуазаргьы, уаанӡа иуҩхьоу акы еиԥшымхароуп, угәыла иҩышьа иазааигәамхароуп.
Иӡбаны исымоуп, Москвантәи санаалак, смаҵура аансыжьуеит, убасҟан изыҩуеит.
Урҭ аӡәаӡәала ргәы инапы нықәшьуа, иқәыз аурыс шәақь жьакцақәеи, автомат дискқәеи, аԥжәаха иахьымӡаз агранатқәеи, акаскақәеи рҽеиуа даархысит
Дара, аемигрантцәа, алаҟьалақәа ирҩызаха, инкыдыгәгәало идәықәын атәым тәылақәа рҿы.
Амҩа сықәгылан сара Ешырантәи, амҩа сықәгылан уахьынтә санаауаз.
Агмыгқәа роуп ҳара абас ҳаилазҵаз, иаҳҿаҳаз, ҳамӷьацар зымуз.
Гаӡак изихылҵуеи, иуҳәарауеи, зықьҩыла, иҟәышу данимам аӡәы иеиҳаны?!
Апоет иперсонаж ажәа рҽхәаԥхьыӡ изиҳәоит, иаҳирбоит, иҳаилиркаауеит Хынтрыгә мхонџьиа иеиԥш иҟоу аҵеицәа ҳажәлар машәыршақә ишрылымиаауа.
Урҭ авторцәа дарбанзалаак аӡәгьы ироль ламырҟәыкәа исҳәар сҭахуп аԥсуа поет ду ирҿиамҭа аилкааразы, аҭҵааразы, ахьӡ аҭгаразы Владимир Аҵнариа иҟаиҵахьоу иҷыдоу ахәшьареи азгәаҭареи ишаԥсоу.
Ных-ных, ирласны еиҭакрак анзыҟамла, аҭагылазаашьақәа еиҳагьы еицәахараны иҟоуп!
Аҵәгьы мбылуа акәацгьы ӡуа ҳәа, ҟәы ӷарак ақәныҟәара ацымхәрас, ахаҳә аршра акәын изҿыз.
Зыԥсадгьыл аҵеицәа иреиӷьыз ауаҩ аҳәынаԥшьыга ыжәны иҽишьит.
Абарҭ ҳгәылацәа, ани аԥҳаи ирыман лаки цгәыки.
Алхас Шьаҟрыл иеиԥш заа зфырхаҵара шәхьаз, гагразын ишьҭалон згәымшәара шәҭхьаз, Гагратәи ҳиааироу?
Сеилыҟә иҷкәынцәа Хьыҵкәыри Рашьи рӷәакьамыс ҟамақәа рымпыҵарӷәӷәа, шьанҵаҵас еилаҟаца, абжьасқәа реиԥш ишнаҵҟьара ихианы, ашәхымс иахьаахыҵыз наҟааҟ иаавагылт.
Уиакәын Хәсеин-ефендигьы дыззыԥшыз, длахан, аӡиас аҟәыҵәа икит.
Амал зкыз ауаа иҽрымаданы, ԥрашәа имамкәа дымҩасыр ауан, аха ус иҟоу дреиуам.
Уи уаҩытәыҩса аҵәаӷәа нахьшьны ашәҟәы изаныхуа иҟам.
Сызгоз аҭаҳмада аилаҩеилаԥсы убас амашьынаныҟәцара дазыманшәалан, уи аус аҟны адунеитә еицлабра дачемпионызшәа.
Азал ҳаныныҩнала, ҵабыргыҵәҟьаны галереиа ссирк ҳныҵа лазшәа сгәы ааҟалеит.
Шьаҳан иҩнаҭа иааӡаз, иара иеиԥш иажәхьаз ацгәы Хәымсыс иара даныԥсы ашьҭахь аҩны иаԥырҵит.
Уахьыԥшлакгьы асқьалақәа, аӷбақәа, асқьалақәа, аӷбақәа, бираҟ хкыс иумбара, мал хкыс изҵам арбану!
1919–1920 шш. – Аштат Џьорджиа, ақ.Атланта афедералтә бахҭа аҟны даныҟазгьы акорреспонденциақәеи астатиақәеи рыла дықәгылон, урҭ пальмертәи аполициатә реидқәа ирықәыӡбон.