text
stringlengths
1
1k
Уимоу, иҟоуп еицырдыруа, аибашьратәи аџьатәи аҳамҭа дуқәа змоу, агазеҭқәеи ажурналқәеи ирнырҵо, радиола, телехәаԥшрала зыӡбахә рҳәо аџьаус аԥхьагылаҩцәа.
Еимбӷьыжәаа ицааит урҭ, сышьҭахьҟа игылаз, шьапҿаршә сыҭан ибналаз, сынзыжьыз.
Икылсит даҽа фирмак ахаҭарнакцәа, мчыбжьык ала аллоид идҵақәа зегьы шыҟарҵо ала ажәа ҳазҭаз.
Сара сзыцәшәо ҳәа акгьы сымаӡам, сҿы иаҳәо акәым, сгәы иҭоугьы аниҵалааит иҭахызар.
Адгьыл сықәҳаит уахь акгьы сызнамго, сахьааихьаз мҩабжара акәын сеикәарҳәын.
Баала, уи ихы налықәикит адца зауз аруаҩгьы
Иҟоуп убас еиԥш иҟоу ауаа, хшыҩла дара иреиӷьу адырцәа шумоугьы, убарҭ уразҵаар иаҳа еиӷьушьоит ус дук анумоу, избанзар ирҳәо агәыԥхара аҵоуп, абзиа шудыркыло иаразнак агәра угоит.
Агазеҭ азҵаатәқәа зегьы схаҭыԥуаҩ инапы ианысҵан, сындәылҵын саб иашьа аус ахьиуаз снеит.
Ҩаԥхьа арцәаасырҵәааҳәа инеиԥхыҳәҳәан, рыҽқәа аҟамчы нарыжәҵан, аҳаракыра ахьынтәи, абахә иаҿаапкны адсылара иаҿыз, иблаҟыблаҵәоз амшын рыҽнарҭеит.
Аҩыџьагьы рыԥсҭазаарақәа ирылҵхьеит, аха ражәақәа, алаф рылеибахшьа иахьагьы ауаа рхаҿы иаанханы иҟоуп.
Сцон сара, сгәы сыҵԥраауа, амҩагьы сыхҟьом.
Қьалышь Ачачба дызшьыз иҷкәын Асланбеи иоуп рҳәеит.
Ауаҩытәыҩса еснагь игәы азыбылуеит дахьиз, дахьааӡаз, ишьапы ахьықәиргылаз адгьыл.
Аизгаҿы уеизгьы-уеизгьы унзыгәҭасуа, иҭацәу жәеинраала ыҟаӡам.
Уа уқәла, са сықәла нахьхьынӡа, Шаҟаҩыҟои зықәра иахьымӡаз.
Ауриацәа, аерманцәа реиԥш, аҩыра еиқәырхагас, мал-мазара дуны иахәаԥшуеит, ахә ҳаракны иршьоит.
Ҵабалаа рбыргцәа ҟәыӷа дуқәа иҭахаз аӡәаӡәала рыхьӡ ҳәаны ирыхцәажәеит, рабацәа рҭоурых иалацәажәеит, изхылҵыз хьымӡӷ шыддмыргаз рҳәеит.
Иара саргьы уи аҩыза агәаанагара сазкылсыртә збоижьҭеи акрааҵуеит!
Ажәеинраала Ҩыџьа аашьацәа аҿы каҳагыла ҳәазацәа, хыма-ԥсыма ҽырбацәа ҳәа дырхыччоит аашьацәа
Ацыӷ еиԥш акәын асы дықәгыланы дышныҟәоз, убас ибзианы иҟаиҵон ашәаҩақәа.
Аԥсны имҟәылха иахажьу аурыс ҳәынҭқар ичынуааи аҭыԥантәи ҭауади-аамсҭеи наҟ-наҟ рымчра ахҳәареи, анхаҩыжәлар риеҵәахә акыдлареи ирсимволны иҟалеит уи хәылԥазтәи ахысыбжьы, имҩашьахуа ирылаҩуеит Петербург, Одесса, гуриа ашәақь мца икашыз!
Хыхь, иеилахәашь имҵысуа, Ажәҩан иаҵоуп аԥҭа, Амрагыларахь иԥшуа, Ацгәы аҿы аӡәӡәоит саԥхьа.
Ҳаџьараҭ ашьа шимуц Мсырхан ианеилылкаа, лыԥсахы еиҟәыҷҷауа, диацәҳауеит, иалҳәоит ихьмыӡишьаша ажәақәа
Аԥсуаа уи аус аҿы ақырҭцәа ирыдымгылт.
Аамҭа иақәҳажьп, уи уиеиԥш иагьа арҳәазап, ухәра ҿнаӡәӡәаап, ма ашша ахьшьушәа иарыбзап
Асас днаидҳартәаларц знык ауаа сышьҭит, аха аҳаԥы дҭымҵит, абчараҳ дсыманы сцоит Бақьыриԥа Ҳараз иаагара, аха умазар, уеилахамзар усыцца аниҳәа Зураб-Зегьраб, мап ицәимкит.
Кырҵуеит сара Москвантә сааижьҭеи, аха исмоуц макьана ԥсшьаха.
Аԥсы даннаага ауха, аҵх анынаскьа, иааигәаӡаз агәакьацәа рыда зегьы анца, аԥсыжра иадҳәалоу аусқәа рылацәажәара ианналага, убри ан илҳәаз ажәақәа, сара ҩынҩықәра нысҵыргьы исхашҭуам.
Асовет ҳәынҭқарра аҭоурых иаҳнарбоит акоммунисттә партиа ахьӡала, Ленин ипартиа ахьӡала изныкымкәа ацәгьара дуӡӡақәа шыҟалахьоу.
Акгьы сымбеит уи ацәҳәыра исзалаз, иагьеилыскааит
Уи ҳара иаабоит Алмахсиҭи иареи анеиҿаххы, аҭак ииҭаз алагьы
Улигат луанытә даақәыԥсычҳан, дыҩналааит ҳәа аанарго иарӷьа напы ҩышьҭихын, ихы ааирҵысит.
Дызҿыз дааҟәыҵын, лаԥшыла длыҳәо шьаҿақәак ныҟаиҵеит лара лахь.
Абар, аибашьра иалагеижьҭеи шықәсык ҵырц егьагым.
Длак-ҩакуа аԥаҩ даахықәхалт, иҟалақәазгьы лдырзар акәхап, дааԥышәырччан, лшьаҵатәқәа лышьхыршәшәаны аӡы днырит.
Абри ҳҩызцәа ираҳар ишԥауарҳәои, уԥшқоума уара, абар шьҭа сара сеиԥш жәаҩа шықәса урылгарц егьугым.
Татеи лара лҵаҩцәа аӡәы диеиԥшымкәа аԥсабара дазҿлымҳауп, уи абызшәа цәаныррала аилкаара баҩхатәраны илоуп.
Сыҷкәын ԥсаҭа шкәакәа дҭахеижьҭеи, уи ихшаз ракәгәышьоуп гәыӷырҭас адәы исзықәу.
Ашә асыркит, Ахышә асыркит, Иҟам лаԥшы, Иҟам шьҭыбжьы.
Аԥсуа иԥа диманы Тҟәарчалҟа дцеит ҳәа ауп ирҳәо.
Уи нас, дара ԥыҭҩык ирзеиԥшны иҟарҵап, иахьӡо ҳаҳтәқәа
Имҳәа-мырза рыхқәа еидкылан, Ерцахә назлоу сышьхақәа, сԥенџьыр ахышә илагылан, иаасықәыркит рыблақәа.
Атракторқәа ирырҭо рымаӡам, анысҳәа, иаасцәымыӷхеит иахьиасҳәаз.
Шәыбзиабара иазшоу сашәоуп, шәышькыл шыскыц акра саԥсаз!
Зны, санстудентыз, Переделкино иԥсы ишьон Баграт Шьынқәба, ибара сахьнеиз ҳаибадырит, разҟыс исоуит ашь ҭахьгьы иацәажәарақәа.
Ақыҭа иахаԥыруеит ашьауардын, – иҳәеит Адамыр, иҳәашьа убас иҟан, дихымшараны ихшаз, дызцәыԥхашьо ҵеик иӡбахә далацәажәозшәа, анс-арс даҽа ԥсаатәкгьы акәымкәа, реиҳа зыблақәа ҵару, реиҳа иҳаракны ажәҩан аҿы иԥыруа аԥсаатә ракәын усгьы издаҳкылоз ареволиуционерцәа
Акрааҵуан амҿқәа еилабылны иҿыцәеижьҭеи аҳаԥы аԥхьа еиқәыз амца.
Ҿырԥштәыс иааҳгозар, еиҳараӡак абри аформала иҩуп Баграт Шьынқәба хыхь зыӡбахә сҳәахьоу ироман Ахаҳә еиҩса, Платон Бебиа ироман Ашьацҳәа, Шоҭа Ҷкадуа иповестқәеи иажәабжьқәеи рӷьырак уҳәа убас иҵагьы.
Уа бара дшәыхьчала, аԥсцәаҳа длыԥхьоит ари!
Ҿыц аӡы иааҭыргаз аԥсыӡ еиԥш дҵәырҵәыруан.
Ашьхақәа ирҿалакьуеит амацәыс, ажәҩан сханы иаадыдуеит.
Урҭ сгәы еихьызшьқәо ҳәа сызҿу рахьынтә ҿырԥштәы заҵәык аазгоит.
Ашәы зхьыхәхәа иҟаз анацәа, абацәа еибаргәамҵуан.
Володиеи Ҭамази лафк еибыҳәо, рыԥскьатеиах ԥҵәо, апалуба хыхь иқәгылоуп.
Амшцәгьа ахыԥша бааԥсгь ҳгәы еиланархәозар, аҵх хәашьқәа ҳхала ишҳаршац иҳаршоит.
Аанда гәара шьынкафарҭоуп, Аҭацацәа касыдоуп, Амаҟарацәагь маҟадоуп, Иааргогьы дгәаҵәадоуп, Даазгогьы дхаԥыцдоуп.
Абасала, ацәгьеи абзиеи реиҩдыраара уадаҩны иҟанаҵеит уи амода.
Дгәеиҭазаргьы, дызгәықәхоу анцәа идырааит ҳәа, дизгәамҭаӡазшәа, ҽырҵыс имаӡамкәа дтәан.
Убри аҽны, сара аҩны саннеи нахыс, уаҳагьы, сгәы дҭам шәеит иара.
Сцаҿы инеихьан аԥш зҭахқәаз, аха зегьыҵәҟьа рызҭымгеит.
Дыррак ҳамҭаӡакәа уаазар, џьара акы уаҳаны ушаанацаз ҩашьом
Ҳашьцәа аԥсуаа рахь Аԥсны аҭоурых, аабатәи ажәабатәи ашәышықәсақәа аламҵакәан сахцәажәоит ҳәа уалагар ухәы-ужьы қақаӡа игылоит, амца аԥырқьҳәа иукуеит.
Уи аԥша дара иԥша ҵарын, тәамҩахәк амамызт, аԥшаҳәа ианчыла иҟаз алҿари аԥсылшқәеи ԥхьаҳәо ирылан, абыӷьқәа зегьы ԥыр-ԥыруа амахәқәа иааднаркуан.
Илаԥш налыдырхала-аалыдырхало дахьылзыԥшуаз, хьаа дук лыҟәнышьшьыла, лгәы иҵачыз агәырҩа хьанҭа дахьаргәамҵуаз азы цәгьалаҵәҟьа игәы дрыцҳанашьон.
Ашьҭахь, урҭ адгьылқәа дара ианыртәха, аҭаҭын иаҿарҵахьан.
Рышьҭа нагоуп џьоук ахәала, мҩа мариала Кьаӷәра дцом!
Аӡҭачы ицон аӷба баша иблахаҵ мгьежьӡеит исгәакьоу иус рыӡбит лхала ақәаршҩы адәыӷба шана ихыҽҽеит ареволиуциа итаруа аҵла каҳарада аԥсра еиԥшым аҵлақәа аԥсуаа Бетховен ахәшәтәыртаҿы агоризонтали авертикали ани асабии аҵааҵлақәа робертино Лоретти ҿыц шәеиднагалеит аҩны адауаԥшь аԥслаҳә амза мҩа исландиа жәлар апоет иахь иҭабуп, Сыԥсадгьыл!
Уи хышхыҵәо, нас есааира иацло, сшаҵәахра саҵәахуа, исыхьӡар
Иҟәарч ҩны дныҩналаны, ауапа ихы инақәиҳәҳәон, илымҳақәа ҵәахуа.
Қарҭ аболшевикцәа рхаҵара Қарҭ иҟаз Киров данца, ицынхәрас ожәы аб-цәа рыҟнытә Қарҭ дааит Шеиман.
Асҭамыр Уазба урҭ дрылан, аха ҷыдала ихьаақәа рацәан.
Иара усгьы ицәышҟҟараӡа аԥсы ԥштәы аазхәаз иқьышәқәа аақәац-қәацан, гәаныла даауазырны ҿааиҭит
Анхацәа иҳамоу адгьыл аҿыауҭраҭыхи акартоши ҳааӡоит, аџьықәреигьы лазҵо дубап.
Иоухаҭҳәа иалырҳәарц алырҳәон уи, дшышәиц дшәиуан!
Саарыцҳашьа угәы аԥхара сыҭан, сзынҟьазгьы сзынԥазгьы аасзырхаз.
Иацтәи уаҩу, ма иахьатәиу исашәҳә, ламысла еилзыргода?
Ашьыжь ҿыхьҭаха, ахьхьаҳәа игоз аӡыхь абжьы, Анаҟәаԥиа иқәчу анаҟә еиԥш, иԥхаҵәыԥхаҵәуа алҩа ахылзз ицон.
Мшәи мышәҳәари шынҭаацәаз, иара ихаҭа игәылацәаз, ахьа наа ду иамҵаны, ахьа цәҟәыншьа иашьҭаны, иару-мару шыҟарҵоз даарылашәеит дшымгәыӷӡоз!
Иаарласны Гәдоуҭаҟа адырра ҟарҵеит, уа дыҟан Лакоба ихаҭагьы.
Уажәы ара дызлоу деицгәаҭа, дшуаҩымыз агәра идырган, шьҭа иҭыԥ имԥсахрада амуа дыҟоуп, дыжәбома, абан!
Дкәаҩӡа дырхагылоуп, аха дҳәазаны адәықәлароуп уи иаанаго.
Даауазырит иара, иахьатәи игәырӷьара мчыла импыҵзыркәкәаарц иаҿыз аӡәы иааимаирххазшәа.
Иахьа иҟоу, иаадыруазар, сааҭк ашьҭахь иҟалараны иҟоу ауп ҳара ҳазлацәажәаша, аха иаажәыз иаҳнарҳәозаргьы ҟалоит амцхә
Рхала, уи рыҩнуҵҟала тактика, дисциплина рымам ҳәа акәын ишызҩуаз.
Аԥенџьыр илахеит амза гьамгьамуа уи дамырцәеит, даргылеит ҽакы.
Трофеибеи нас иԥызеи Аԥсны анасыԥ ацәдырӡру, наҟ ирықәжәа рхыза иқәызҵо ӡәыр дцәырҵру?
Баҭал, уҵатәқәа урылгазар, арахә рахь ҳнықәлап, – иҳәеит иара, ҳанаауагьы рҷҷатәқәак ааҳгап.
Уабдуи сареи ибзианы ҳаибадыруан, аҭауад Пыта Чачба ихаан акырынтәгьы ҳаицеибашьқәахьан, аха аибашьра анеилга уаҳа ҳаибамбеит умҳәозар
Аурымцәа Себастополь ҳәа ахьыӡҵаны рхырӷәӷәарҭа абраҟа иандыргылоз, Аԥсны агәы араҟа ишыҟаз рдыруан.
Араҟа агаҿаҿ, анкьа Диоскуриа ианаамҭаз аиԥшҵәҟьа иҟамзаргьы, ианакәызаалак ауаа узрылымсуа ирацәаҩын
Агәашәқәа ахьакуаз, скәашоит ҳәа иаҿыз ашьапызаҵә, зыгәҭыхажәа згәаҵа иҭаԥсуаз
Ҳарҭ, Ачбеи-Чачбеи, Маршьани-Ӡаԥшьи уҳәа, ҳшеибакәу зегьы ҳаҩнаҭақәа рҭоурых
Аха ехь ожәраанӡа Аԥсуа газеҭ ианылуа зегьы ианызҵуа агәыԥ иҭзыжьуа роуп
Гәыли дубар дудыруа дыҟаӡамызт, иаалыӷрасуа, иаалыгәҭасуа, амҩа иахьықәыз дыргәаҟуа дрыманы иааиуан.
Еиҭасҳәоит, умҩашьан, ихьаҵшәа шәдырбазаргь, цәгьа дырны, макьана бзиа рызуам.
Аха, иссирми, иахьҩахаз инхахуеит ҳазлааиуа уи ҳгәыӷра абираҟ.
Хыхь, еилахәашь имҵысуа, ажәҩан иаҵоуп аԥҭа, амрагыларахь иԥшуа, Ацгәы аҿы аӡәӡәоит саԥхьа.
Аҳаргь иаҵәеиԥш аҩаӡараӡа урҭ ажәҩан хылԥа рхан.
Иреихсны иршьуан ирызшьуаз, изыхьӡоз рыхқәа рхагыламшәа ихырсон, ирызкуаз аҟәараӷқәа рхаршәны иркуан.
Иавсны, Кәыдры аӡиас аҟынӡа унеиаанӡа, иҵыҵуеит аӡыхь.